Хорватиа иҟалаз  адгьылҵысрҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара иазҳаит, аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа нагӡоит
Хорватиа иҟалаз адгьылҵысрҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара иазҳаит, аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа нагӡоит

Хорватиа аҭыԥ змаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара иазҳаит, имҩаԥысуеит аԥшаар-аиқәырхаратә усурақәа. Ари атәы аарыцҳаит аҭыԥантәи аих.

140 шықәса ирылагӡаны Хорватиа абри еишԥ адгьылҵысра ӷәӷәа ҟамлаӡацт.

6.4 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра Хорватиа агәҭанытәи ахәҭаҿы ҟалеит. Аԥсабаратә рыцҳараан аԥхасҭа ду аиуит ақалақь Загреб ааигәара иҟоу ақалақь хәыҷы Петриниа.