Хырԥашьа змам ацхыраара анапхгараҭара аоперативтә центр автопарк еиҭарҿыцын
Хырԥашьа змам ацхыраара анапхгараҭара аоперативтә центр автопарк еиҭарҿыцын. Ацентр европатәи астандартқәа ирышьашәалоу ацхыраара лас 17 машьына ҿыц аиуит.
Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, ҳаамҭазтәи амедицинатә аиқәыршәара змоу ацхыраара лас амашьынақәа рыла апациентцәа хырԥашьа змам ацхыраара рзаарԥшра ҟалоит.
Автопарк гәарҭеит Агәабзиарахьчара аминистр Зураб азарашвилии адепутат Илиа Ӷудушаурии, Хырԥашьа змам ацхыраара анапхгараҭара аоперативтә центр адиректор Алеқсандр Қуҭибашвилии.
Аминистр иажәақәа рыла, амедицинатә цхыраара лас аусуҩцәа рџьа аҭагылазаашьа аиӷьтәра аус аԥсахрақәа алалеит. Иаадыртит хырԥашьа змам ацхыраара анапхгараҭара аоперативтә центр аофис ҿыц, уа аус руеит 324-ҩык. Ҵыԥх аусуҩцәа рулафахә иазҳаит. Алагалоуп акритери ҿыцқәеи астандартқәеи. 2023 шықәса ԥхынгәы азы Агәабзиарахьчара аминистрра аанахәеит ацхыраара ҿыц 120 машьына.