Хәажәкыра 3 шьыбжьашьҭахь Қырҭтәыла амш цәгьахоит
Хәажәкыра 3 шьыбжьашьҭахь Қырҭтәыла амш цәгьахоит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, хәажәкыра 3 шьыбжьашьҭахь Қырҭтәыла амш цәгьахоит, ихьшәашәарахоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рҳәамҭала, аҳаир атемпература каҳауеит, ҭыҧқәа рҿы ақәоура иалагоит, ашьхатә регионқәа рҿы асыҭәҳәа иазыҧшуп, амшын аҿы  4-5 абалл ашторм ҟалоит.