Харьковтәи аокруг анапхгаҩы иҳәамҭала, украинатәи арбџьармчқәа аурыс аруаа рҟынтә  рхы ақәиҭыртәит 40 анхарҭатә пунктқәа
 Харьковтәи аокруг анапхгаҩы иҳәамҭала, украинатәи арбџьармчқәа аурыс аруаа рҟынтә  рхы ақәиҭыртәит 40 анхарҭатә пунктқәа

 Харьковтәи аокруг анапхгаҩы иҳәамҭала, украинатәи арбџьармчқәа аурыс аруаа рҟынтә  рхы ақәиҭыртәит 40 анхарҭатә пунктқәа. Олег Синегубов ари аҳәамҭа ҟаиҵеит украинатәи АИХ аинтервиу анриҭоз.

Синегубов, иҳәамҭала, Чугуевтәи араион аиҳареи, Купиансктәии Балаклеитәи араионқәеи рхы иақәиҭуп ҳәа уҳәар ҟалоит.

«Ҳарратә хәҭақәа Курианск иҭалеит, Изиумтәи араион анхарҭатә пунктқәа рхақәиҭтәра инагӡоит. Иахьазы  40 анхараҭатә пунктқәа рхы иақәиҭуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит», — иҳәеит  Синегубов.

Иара иажәақәа рыла, убри аамҭазы урыстәылатәи арбџьармчқәа аҩадатәи аҩада-мрагыларатәи ахырхарҭақәа рыла ажәылара анагӡара рҽазыркуеит.