Урсула фон дер Лаиен  - Молдвеи Қырҭтәылеи ауаа рацәа европатәи абираҟқәа шьҭыхны иркуп, дара Евроеидгылаҿ аҭыҧ азы ҕәҕәала иқәҧоит
Урсула фон дер Лаиен  - Молдвеи Қырҭтәылеи ауаа рацәа европатәи абираҟқәа шьҭыхны иркуп, дара Евроеидгылаҿ аҭыҧ азы ҕәҕәала иқәҧоит

«Молдвеи Қырҭтәылеи ауаа рацәа европатәи абираҟқәа шьҭыхны иркуп, дара Евроеидгылаҿ аҭыҧ азы ҕәҕәала иқәҧоит. Мраҭашәаратә Балканқәеи Евроеидгылеи даараӡа еизааигәахеит. Иаку Европа аҧҵаразы абри аҭагылазаашьа ҳхы иаҳархәароуп», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Братислава имҩаҧысуа Аглобалтә шәарҭадара афорумаҿ.

Урсула фон дер Лаиен Украина имҩаҧысуа аибашьра дазааҭгылан, иаҵшьны иазгәалҭеит дара ҕәҕәала Украина ишадгыло.

«Путин Украина Урыстәылаз игар иҭахын. Евроеидгыла ҿымҭ уи иақәшаҳаҭхоит ҳәа игәы иаанагон. Аха, убри ацынхәрас, Украина ҕәҕәала Урыстәыла иаҿагылеит. Ҳара, Европаҿ, ҕәҕәала Украина ҳадгылоит. Ҳара аҭоурыхаҿ зҵакы дуу аамҭа ҳҭагылоуп, абри ахырхарҭа ҳақәныҟәароуп.  Украина абри аибашьра ианалҵлак иаҳа иҕәҕәазаауеит. Молдвеи Қырҭтәылеи ауаа рацәа европатәи абираҟқәа шьҭыхны иркуп, дара Евроеидгылаҿ аҭыҧ азы ҕәҕәала иқәҧоит. Мраҭашәаратә Балканқәеи Евроеидгылеи даараӡа еизааигәахеит. Иаку Европа аҧҵаразы абри аҭагылазаашьа ҳхы иаҳархәароуп», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада.