Урсула фон дер Лаиен – Ақырҭуа жәлар европатәи аҧеиҧш рҭахуп, Қырҭтәыла амҩеихысырҭаҿ игылоуп, ари атәыла Европаҟа зхы рхоу амҩаҿ иаанхароуп
Урсула фон дер Лаиен – Ақырҭуа жәлар европатәи аҧеиҧш рҭахуп, Қырҭтәыла амҩеихысырҭаҿ игылоуп, ари атәыла Европаҟа зхы рхоу амҩаҿ иаанхароуп

Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен  Қарҭ имҩаҧысуа апротесттә акциақәа дрыхцәажәеит асоциалтә аҳаҿы.

Урсула фон дер Лаиен лажәақәа рыла,  Қарҭ амҩақәа рҿы иҟалаз амчылара дақәыӡбоит.

«Қырәтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа срыцклаҧшуеит, ари аҭагылазаашьа даараӡа саргәамҵуеит.  Ақырҭуа жәлар европатәи аҧеиҧш рҭахуп, Қырҭтәыла амҩеихысырҭаҿ игылоуп, ари атәыла Европаҟа зхы рхоу амҩаҿ иаанхароуп» , — илҩит  Урсула фон дер Лаиен.