Урсула фон дер Лаиен - Ҳара Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҳҵеит, аха ари акандидат-тәылақәа ринститутқәа ареформақәа шымҩаԥырго иадҳәалоуп, ҳаидгыла ахырхарҭала ныҟәара нарыгӡароуп
Урсула фон дер Лаиен - Ҳара Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҳҵеит, аха ари акандидат-тәылақәа ринститутқәа ареформақәа шымҩаԥырго иадҳәалоуп, ҳаидгыла ахырхарҭала ныҟәара нарыгӡароуп

«Ҳара Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҳҵеит, аха ари акандидат-тәылақәа ринститутқәа ареформақәа шымҩаԥырго иадҳәалоуп, ҳаидгыла ахырхарҭала ныҟәара нарыгӡароуп», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Бриуссель амбассадориал аҿы даныҟәгылоз.

Урсула фон дер Лаиен лажәақәа рыла, Евроеидгыла рҭаацәара алалара зҭахы атәылақәа ирыдгылароуп.

«Украинеи Молдовеи уажәы ҳаидгыла алаларазы кандидат-тәылақәоуп. Иара убас, ҳара Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҳҵеит. Европаҿ аԥсахрақәа раамҭа ааит, 1970-тәи ашықәсқәа рзы ишыҟалаз еиԥщ, усҟан Испаниеи, Португалиеи Бырзентәылеи адемократиа иадгылеит, ахақәиҭра иазықәԥоз ауааԥсыра Берлинтәи аҭӡы ԥырҽит. Акандида-тәылақәа рхатә економикеи аинститутқәеи рырҿиара нарыгӡароуп, ҳара излаҳалшо ала арҭ атәылақәа ҳрыдгылароуп,” – илҳәеит Лаиен.