Урыстәылатәи агаз аанкылара ашәарҭа иахҟьаны, Молдова аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп
Урыстәылатәи агаз аанкылара ашәарҭа иахҟьаны, Молдова аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп

Молдоватәи апарламент аӡбарала, атәылаҿ 60 мштәи аҿҳәарала аҭагылазаашьа чыда лагалоуп.  Ари урыстәылатәи агаз аанкылара ашәарҭа иахҟьоуп. Урыстәыла аҳәынҭқарратә агаз еилахәыра “Газпром”  аинформациа ала, Молдова амоу ауала мзызла ареспублика аԥсабаратә газ аиура аанкылахоит ажьырныҳәа 21 инаркны.

Молдоватәи анапхгара аилахәыра “Газпром” ауал ахыԥара аҳәеит, аха мап аиуит. Молдова вице-аԥыза Андреи Спинус идыррақәа рыла, ареспублика аҳәынҭқарратә еилахәыра “Молдовагаз”аҟынтә “Газпром” 38 миллион доллар аиуит, аха ауал ашәаразы иҵегьы 25 миллион доллар аҭахуп