Урыстәылатәи аделегациа еиҭах Женеватәи аиҿцәажәарақәа аанрыжьит
Урыстәылатәи аделегациа еиҭах Женеватәи аиҿцәажәарақәа аанрыжьит, уажәазы уи мзызны иҟалеит ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара. Ари атәы ааицҳаит Женева иҟоу Актәи аканал ажурналист.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Михаил Галузин ишиҳәаз ала, «ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара иахәаҧштәуп ҭынч, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхаҭарнакцәа рҽалархәрала».
«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, ҳара Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи имыпҵахалоуп ҳәа иҳаҧхьаӡом. Абарҭ аҩ-регионк ихьыҧшым, зхы иақәиҭу ҳәанҭқаррас иҟалеит, Урыстәыла урҭ рхьыҧшымра азханаҵоит. Уи иазхазҵо ма иазхазымҵо акәӡам аус злоу, арҭ ареспубликақәа ихьыҧшым ҳәынҭқаррас рхы рыҧхьаӡоит. Аӡбарҭақәа рықәҵарақәа шәрылацәажәозар, аҵыхәтәантәи аамҭазы жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа Урыстәыла иаҿагыло ақәҵарақәа рыдыркылоит. Арҭ ақәҵарақәа ииашоуп ҳәа иҳаҧхьаӡом, дара аполитикатә ашьаҭа рыҵоуп. Қырҭтәыла иадҳәаланы ақәҵарақәа здызкыло аӡбарҭақәа иобиективым ҳәа иҳаҧхьаӡоит», — иҳәеит Михаил Галузин.