Урыстәылаҟны аимадара змоу аҕбақәа америкатә баҕәазақәа рҭалара азин рымырхит
Урыстәылаҟны аимадара змоу аҕбақәа америкатә баҕәазақәа рҭалара азин рымырхит

Америка ахада Џьо Баиден Урыстәылаҟны аимадара змоу аҕбақәа рзы америкатә баҕәазақәа рыркра атәы ааицҳаит.

Аҩны шкәакәа аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы Баиден ишиҳәаз ала, Америкеи мраҭашәаратә адгылаҩцәеи Урыстәыла ақәыҕәҕәара нарыгӡоит.

«Иахьа ишәзаасыцҳар сҭахуп Урыстәыла иадҳәалоу аҕбақәа америкатә баҕәазақәа рҭалара азин шрымам. Урыстәыла абираҟ аҵаҟа иӡсуа ма Урыстәыла атәылауаҩ ихы иаирхәо иарбанызалак аҕба америкатә баҕәазақәа ирҭалом», — иҳәеит Баиден.

Америка ахада иҳәамҭаала, Путин аибашьраҿы ихықәкы изынаимгӡеит.

«Аибашьра иҵегьы шаҟаамҭа инагӡахо ҳаздырӡом, аха, аибашьра алагара инаркны ҩымз рышьҭахь иадыруа акоуп. Путин ари аибашьраҿы ихықәкы зынаимгӡеит. Киев уажәгьы игылоуп.  Амчра ахада Зеленскии адемократиатә мҩала иалху игәыҧи рнапаҿы иҟоуп», — иҳәеит Баиден.