Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа Иапониагьы Канадагьы ишьақәдыргылеит
Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа Иапониагьы Канадагьы ишьақәдыргылеит

Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа Иапониагьы Канадагьы ишьақәдыргылеит. Аинформациа аланарҵәеит агентра Reuters.

Иапониа анапхгара ишаарыцҳаз ала, Иапониа аурыс облигациақәа рыҭрыжьра иаҟәыҵуеит, аурыс чинҳаракҩцәақәак рбанктә хыҧхьаӡарақәа дырҵаауеит. Иара убас, асиа еиқәа ианыло ахаҿқәа Иопониа анеира азин роуам.

«Урыстәыла ауранагӡара Украина ахьыҧшымра еиланагоит, жәларбжьаратәи азакәан иашьашәалам. Ҳара ари ашьаҿа ҳақәыӡбоит, Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит адипломатиатә мҩа иазыхынҳәырц», — иҳәеит Иапониа аҧыза-министр  Фумио Кисида.

Канада аҧыза-министр Џьастин Триудо асанкциақәа актәи рпакет иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла, Донецки Лугански рзы афинанстә усура аанкылахоит. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу украинатәи арегионқәа рхьыҧшымра азхаҵара иақәшаҳаҭхаз урыстәылатәи апарламент хҩык депутатцәа асанкциақәа рзышьақәдыргылоит.