Урыстәыла ҕәҕәала Украина иажәылеит, ҧшьҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит
Урыстәыла ҕәҕәала Украина иажәылеит, ҧшьҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит
Иаха Урыстәыла ҕәҕәала Украина иажәылеит, ҧшьҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит. Ари атәы ааицҳаит Хмельницки аокругтә администрациа анапхгаҩы Сергеи Тиурин.
Атәылауаҩратә инфраструктура аҧхасҭа аиуит, хаҭалатәи ф-ҩнык еилаҳаит. Ахәрақәа зауз руаӡәы цәгьала дыҟоуп.
Адронқәа рыла Николаев аахара амшала аӡәы дҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит.
Киевтәи аокруг ажәылараан ҧшьҩык ҭахеит, 16ҩык ахәрақәа роуит.
Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аҳәынҭқарратә маҵзура адыррақәа рыла, Житомир аокруг абомбақәа алажьра амшала хҩык ахәыҷқәа ҭахеит, 12ҩык ахәрақәа роуит. Атәылауаҩратә инфраструктура аҧхасҭа ду аиуит.