Урыстәыла ЕАШ ахара аднаҵеит Украина абиологиатә абџьар ҟарҵоит ҳәа, ЕАР иҟанаҵз аҳәамҭала, ари шьақәзырӷәӷәо афактқәа иҟам
Урыстәыла ЕАШ ахара аднаҵеит Украина абиологиатә абџьар ҟарҵоит ҳәа, ЕАР иҟанаҵз аҳәамҭала, ари шьақәзырӷәӷәо афактқәа иҟам

ЕАР ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿ, Урыстәыла ЕАШ ахара аднаҵеит Украина абиологиатә абџьар ҟарҵоит ҳәаю Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Васили Небензиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, ЕАР ашәарҭадаратә хеилак уаанӡа имҩаԥгаз аилатәара ашьҭахь ироуит ашаҳаҭгақәа рацәаны, урыстәылатәи аган урҭ ахеилак алахәылацәа рыдаргалеит.

Аурыс адипломат иажәақәа рыла, ЕАШ абиологиатә абџьар аконвенциа арежим анагӡара аҭахым. Васили Небензиа ишазгәеиҭаз, ЕАШ ахаҭарнакцәа Украинеи адунеи тәылқәаки рҿы абиологиатә усзура иазку алкаақәарыҟаҵара изныкымкуамап ацәыркит.

Аиԥылара ахыркәшара ашьҭахь ЕАР аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу, Украина абиологиатә абџьар аашлыхра шьақәзырӷәӷәо афактқәа иҟам.