Урыстәыла Британиа аганахьала асанкциақәа дырӷәӷәеит
Урыстәыла Британиа аганахьала асанкциақәа дырӷәӷәеит

Урыстәыла Британиа аганахьала асанкциақәа дырӷәӷәеит.

“Асиа еиқәаҵәа” ианырҵеит британиатәи 14-ҩык ажурналистцәа, урҭ дреиуп ВВС, “Телеграфи” “Гардиани” ржурналистцәа, иара убас Британиа Ду акультура амаӡаныҟәгаҩ, Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, Ашьауӷа зин азы жәларбжьаратәи аӡбарҭа апрокурор Карим Хан.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭала, Британиа Ду Акультура аминистр Лиуси Фреизер асанкциақәа лзышьақәыргылоуп жәларбжьаратәи ауснагӡатәқәа рахь аурыс спортсменцәа рынамышьҭра дахьадгыло азы, Атәылахьчара аминистр Анабель Голд – Украина абџьар аҭара аус дахьахагыло азы.