Урыстәыла Аусеилыргаратә комитет аҳәамҭа инақәыршәаны, украинатәи авертолиотқәа Бриансктәи атәылаҿацә аҿы иҟоу аҳабла Климово иаахеит
Урыстәыла Аусеилыргаратә комитет аҳәамҭа инақәыршәаны, украинатәи авертолиотқәа Бриансктәи атәылаҿацә аҿы иҟоу аҳабла Климово иаахеит.
АИХ адыррақәа рыла, Украинатәи арратә вертолиотқәа анхарҭатә ҩнқәа аҧжәагақәа рыларыжьит.
Урыстәылатәи аган адыррақәа рыла, аӡәгьы дымҧсит, быжьҩык ахәрақәа роуит.
Украинатәи аган ари аинформациа иадҳәаланы макьана аилыркаарақәа ҟарымҵацт. Аҳабла Климово 20 километр рыла урыстәыла-украинатәи аҳәаа иацәыхароуп.