Урыстәыла аракетақәеи адронқәеи рыла ҕәҕәала Украина иажәылеит, аҭынчуаа ҭахеит
Урыстәыла аракетақәеи адронқәеи рыла ҕәҕәала Украина иажәылеит, аҭынчуаа ҭахеит

Урыстәыла аракетақәеи адронқәеи рыла ҕәҕәала Украина иажәылеит, аҭынчуаа ҭахеит.

Аҭыҧантәи анапхгара рдыррақәа рыла, Киеви, Днепри, Одессеи, Запорожиеи, Кременчуги,  Кривои Роги рҿы аҧжәарақәа ҟалеит.

Украина ахҭнықалақьаҿ хҩык иреиҵамкәа ҭахеит, урҭ иреиуп шықәсык зхымҵыцыз асабигьы, 11ҩык ахәрақәа роуит. Киев ахада  Витали Кличко иҳәамҭала,  аихагылақәа рацәа змоу 4 хыбраки амашьынақәеи амца рыцралеит. Украинатәи арбџьармчқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла Киев иаахеит амҵәыжәҩатә ракетақәа рыла.

Кривои Рог Ахыхьчара ахеилак анапхгаҩы  Алеқсандр  Вилкул иҳәамҭала, ақалақьаҿ атранспорттәи акоммуналтәи инфраструктура ҧхасҭоуп.

Урыстәыла адронқәа рыла Запорожиегьы иажәылеит. Аҭыҧантәи анапхгара рҳәамҭала, уаагьы хыбрак амца ацралеит.

Кременчуг иакымкәа аҧжәарақәа ҟалеит. Ақалақь хәҭак фымцада иаанхеит.

Одесса атәылауаҩратә инфраструктуреи анхарҭатә кварталқәеи аҧхасҭа ду роуит.