Урыстәыла Афганистан "Талибан" аиҳабыра азханаҵеит
Урыстәыла Афганистан "Талибан" аиҳабыра азханаҵеит

Урыстәыла Афганистан “Талибан” азханаҵаз раԥхьаӡатәи ҳәынҭқарроуп,- аанацҳаит “Роитер”.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿ ишану ала, Москва аимадарақәа рырҭбааразы аперспектива бзиақәа абоит.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, Урыстәыла акрызҵазкуа ахәаахәҭратәи аекономикатә алшарақәа абеит, лымкаала аенергетикеи, атранспорти, ақыҭанхамҩеи, аинфраструктуреи рхырхарҭақәа рҿы.

“Афганистан аиҳабыра аофициалла рызхаҵарала ҳтәылақәа рыбжьара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы ихырҳагоу ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рырҭбааара шалшахо агәра ҳгоит”, – иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.