Укргазбанк ишааанацҳаз ала, Украина Арбџьармчқәа атҟәаразы рыҽрызҭо аурыс аруаа  100 нызқь амааҭ рзыршәоит
Укргазбанк ишааанацҳаз ала, Украина Арбџьармчқәа атҟәаразы рыҽрызҭо аурыс аруаа  100 нызқь амааҭ рзыршәоит

Украина Аҳәынҭқарратә банк аурыс аруаа шәнызқь амааҭ рыднагалоит дара атҟәара рыҽрырҭарц. Абанк ари аҳәамҭа аланарҵәеит Facebook адаҟьаҿы.

«Урыстәылатәи ар амотивациа шырзымхо аадыруеит, убри аҟынтә, аруаа аӡбара иаша адкылараҿы ҳрыцхраар ҳаӡбеит, дара аҩны ирырҭо аҧара аасҭа еиҳаны ирыдаагалоит. Иара убас, аҧара адагьы, рыҧсҭазаара еиқәдырхар рылшоит, избанзар, Украина иаҿагыланы абџьар шьҭырхыр, хымҧада рыҧсҭазаара рцәыӡуеит. Ари апроцесс уадаҩым, ҳбџьармчқәа атҟәара рыҽрыҭаны, ртехникеи рыбџьари ҳарҭароуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Иара убас, абанк аҿы ишазгәарҭаз ала, урыстәылатәи амааҭ дара рзы изакәызаалак ҧсазарак амам.

«Абарҭ  «асасцәа» иҳаҩсхьоу ашәышықәсантә ишааиз аадыруеит, уаҟа ашәаратә системақәа Visa-и Mastercard-и аус руам, убри аҟынтә, аҧара рнапаҿы ираҳҭоит. Ари аҧара ҳара ҳзы изакәызаалак ҧсазарак амам, нас иҳаблыроума, уи ҳекологиа иаҧырхагоуп!», — ирҳәеит абанк аҿы.