Украинатәи аруаа ишаарыцҳаз, Авдеевка ааигәара иҟоу ҩқыҭак рҟынтә иқәҵит
Украинатәи аруаа ишаарыцҳаз, Авдеевка ааигәара иҟоу ҩқыҭак рҟынтә иқәҵит

Украинатәи аруаа Авдеевка ааигәара иҟоу ҩқыҭак рҟынтә иқәҵит, – аанацҳаит Украина ауажәларратә дырраҭара Украина абџьрмчқәа роперативтә гәыԥ “Тавриа” ахаҭарнак Дмитри Лиховои иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Ҳаруаа ақыҭа хәыҷқәа  – Севеноеи Степноеи рҟынтә иқәҵит. Арҭ ақыҭақәа рҿы аибашьра иалагаанӡа 100-ҩык инхон”, -иҳәеит Лихавои.

Иажәақәа рыла, украинатәи аруаа Тоненкои, Орловкеи, Бердычеви рҟны афронт ацәаҳәа аҭышәынтәалара рылшеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу ишааицҳаз, аурысцәа украинатәи аиланхарҭа Северное ааныркылеит.