Украинатәи арбџьармчқәа Аштаб хада – Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Атәылахьчаратә мчқәа Авдеевкатәи ахырхарҭала 30 ажәыларақәа, Купиантәи ахырхарҭала 12 ажәыларақәа иҟәырҟьеит 
Украинатәи арбџьармчқәа Аштаб хада – Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Атәылахьчаратә мчқәа Авдеевкатәи ахырхарҭала 30 ажәыларақәа, Купиантәи ахырхарҭала 12 ажәыларақәа иҟәырҟьеит 

УКраинатәи арбџьармчқәа Аштаб хада адыррала, Урыстәыла, бжеиҳарала, Авдеевкатәи Купиантәи ахырхарҭақәа рыла ажәыларақәа мҩаҧнагоит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Украинеи Урыстәылеи рыбжьара 74 арратә аиҿагыларақәа ҟалеит. Аҭынчуаа рыгәҭа иҭахази ахәрақәа заузи иҟоуп.

Украина Аштаб хада адыррала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Авдеевка амацәаз иҭаркыр рҭахуп, аха, украинатәи арбџьармчқәа рпозициақәа рыхьчоит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла украинатәи арбџьармчқәа урыстәылатәи аруааи, аџьаҧҳани, арратә техникеи ахьгылаз 24 ҭыҧқәа ираахеит.