Украинатәи АИХқәа рдыррала, Москватәи апатриархат анапаҵаҟа иҟоу Украинатәи аиашахаҵаратә уахәама  Киев-Печератәи Лавра адәылҵра агәы иҭам,  рдәылцара иазку аӡбара  иахьаҵәҟьа иазашшуеит
Украинатәи АИХқәа рдыррала, Москватәи апатриархат анапаҵаҟа иҟоу Украинатәи аиашахаҵаратә уахәама  Киев-Печератәи Лавра адәылҵра агәы иҭам,  рдәылцара иазку аӡбара  иахьаҵәҟьа иазашшуеит

Москватәи апатриархат анапаҵаҟа иҟоу  Украинатәи аиашахаҵаратә уахәама  Киев-Печератәи лавра адәылҵра агәы иҭам,  рдәылцара иазку аӡбара  иахьаҵәҟьа иазашшуеит, дара ашшыҧхьыӡ аларҵахьеит. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи АИХқәа.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, ари аус иахәаҧшраны иҟаз аӡбаҩ, аус ахәаҧшразы мап икит, убри аҟынтә, аус  аиҭазшара азҵаара дахәаҧшуеит Киев анхамҩатә аӡбарҭа  азинмчы змоу ахаҭарнак.

Митрополит Киев-Печератәи Лавра амитрополит Павел иҳәамҭала, иареи Украина Аиашахаҵаратә уахәама адоуҳатә хаҿқәеи Лавраҿ аанхара азин рымоуп, уаҵәтәи аӡбаратә процессынӡа Лавра адәылҵра ргәы иҭам.