Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла Киев акритикатә инфраструктура аракетақәа ирылахысит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла Киев акритикатә инфраструктура аракетақәа ирылахысит

Урыстәыла Киев акритикатә инфраструктура аракетақәа ирылахысит, ари иахҟьаны аҳҭнықалақь раионқәа афымцалашарада аанхеит. Украинатәи аихқәа ари атәы аарыцҳаит Киев ахада Витали Кличкои Киевтәи аобласт администрациа аиҳабы Алексеи Кулебеи рдыррақәа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Иахьа Киев аԥжәарақәа рыбжьы гоит.

Иара убас аԥжәарабжьы гон Винницеи, Полтавеи, Кировогради Одессатәи аобластқәа рҿы.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Винницатәи аобласт аҿы ракетак атәылауаҩратә обиектк ақәшәеит.