Украинатәи аих ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Чернобылтәи атомтә станциа ааныркылеит
Украинатәи аих ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Чернобылтәи атомтә станциа ааныркылеит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Чернобылтәи атомтә станциа ааныркылеит. Ари атәы аанацҳаит украинатәи аҭыжьымҭа “Украинская правда” ахада иофис анапхгаҩы Михаил Подоляк иҟынтә ироуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Ахада иадминистрациа ахаҭарнак ишааицҳаз ала, Чернобылтәи ԥасатәи атомтәстанциа аобиектқәеи, ахьчаратә саркофаги, агәыцәтә цәынхақәеи рҭагылазаашьа зеиԥшроу идырым.

Михеил Подоляк иажәақәа рыла, атомтә станциа ашәарҭа иҭагылоуп. Ахада иофис аҿы ргәы шаанаго ала, ари зегь реиҳа идуӡӡоу шәарҭоуп, урыстәылатәи арбџьармчқәа рхаҭарнакцәа Чернобылтәи атомтә станциаҿ апровокаицақәа рымҩаԥгара рылшоит.