Украинатәи аӡбара арратә ацәгьаурақәа рзы ахара зду аурыс аруаҩ аҧсранӡа аҭакра иқәнаҵеит
Украинатәи аӡбара арратә ацәгьаурақәа рзы ахара зду аурыс аруаҩ аҧсранӡа аҭакра иқәнаҵеит

Украинатәи аӡбара арратә ацәгьаурақәа рзы хара зду  21 шықәса зхыҵуа аурыс аруаҩ Вадим Шишимарин аҧсранӡа аҭакра иқәнаҵеит. Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХ.

Шишимарин аибашьра азакәани аҧҟарақәеи реилагара ихарарҵеит, иара Сумы ақалақь аҿы абџьар зкымыз 62 шықәса зхыҵуаз ахаҵа дишьит.