Украина иҭахаз ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа патуқәҵарала анышә иарҭеит
Украина иҭахаз ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа патуқәҵарала анышә иарҭеит

Украина иҭахаз ҩыџьа ақырҭуа аибашьцәа Давид Ратиании Гиа Бериашвилии патуқәҵарала анышә иарҭеит.

Ақырҭуа аибашьцәа раҳаҭыр азы аныхабаақәа рҿы иқәыргылан аҳаҭыртә ҟараул. Гиа Бериашвили Ҭемқатәи, Давид Ратиани Варкеҭилтәи аныхабааҿы анышә иарҭеит.

Ақырҭуа аибашьцәа Гиа Бериашвилии Давиҭ Ратиании Ирпень ақалақь аҿы хәажәкыра 18 рзы иҭахеит.