Илиа аҩбатәи Бахмут иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа рҭаацәара дрыдашшылеит
Илиа аҩбатәи Бахмут иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа рҭаацәара дрыдашшылеит

Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи Бахмут иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа – Авҭандил Руреи, Ромео Кварацхелиеи, Ромео Ԥичхаиеи, Мераб Аладашвилии, Бадри Маркелиеи  рҭаацәарақәа дрыдашшылеит

“Ԥхынҷкәын 3 рзы Бахмут ахьчараан хәҩык  ақырҭуа аибашьцәа – Авҭандил Руреи, Ромео Кварацхелиеи, Ромео Ԥичхаиеи, Мераб Аладашвилии, Бадри Маркелиеи рҭахара ҳгәы даара ҳнархьеит. Ҳара рыԥсы аиқәырхаразы аныҳәарақәа раҳагӡоит”, – иануп апатриарз идашшыларатә шәҟәы аҟны.