Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ идыррақәа рыла, Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылара амшала ҩыџьа ихәит
Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ идыррақәа рыла, Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылара амшала ҩыџьа ихәит

Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ Антон Герашьенко идыррақәа рыла, Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара аан џьамтәылатәи дронк анхарҭа ҩны аахеит. Уажәы аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа.

Антон Герашьенко ишааицҳаз, Урыстәыла ажәылара хықәкыс аман Киев иҟоу  акритикатә инфраструктуратә обиектқәа рԥхасҭатәара.

“Дронқәа рыхәҭа Киев ааигәара ҭадырххьеит, аха ҩбаҟа-хԥаҟа Киев инаӡеит. Ажәылара хықәкыс аман Киев иҟоу  акритикатә инфраструктуратә обиектқәа рԥхасҭатәара, дронк анхарҭа ҩны аахеит.Уажәы аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь иацҵаны адыррақәа ҳауеит”, – иҳәеит Герашьенко.

Аминистр ибжьагаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭала, ажәыларазы аҭакԥхықәра адуп џьамтәылаа, Урҭ Урыстәыла анапхгара ирыцхраауеит.