Украина ацҳаражәҳәаҩ – Қырҭтәылеи Украинеи еснагь еицуп, шәара шәҟынтә адгылара ҳҭахуп
Украина ацҳаражәҳәаҩ – Қырҭтәылеи Украинеи еснагь еицуп, шәара шәҟынтә адгылара ҳҭахуп

«Қырҭтәылеи Украинеи еснагь еицуп, шәышҳадгыло аадыруеит, шәара шәҟынтә адгылара ҳҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Игор Долгов Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа данрылацәажәоз.

Долгов ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина адгылара амзызла апартиа  «Лело» ахаҭарнакцәа имҩаҧыргоз акциаҿы.

«Қырҭтәылантә иҳамоу адгылара ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Шәара шәҭоурыхгьы Украина аҭоурыхгьы жәдыруеит. Кыршықәса раҧхьа, Аҧсны аибашьра аныҟаз, украинаа абра иҟан.  2008 шықсазы Урыстәыла Қырҭтәыла ианажәылагьы Украина абра иҟан.  2014 шықәсазы Урыстәыла Украина ианажәыла шәара шәҳадгылан. Ҳара жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы еснагь ҳаидгылоуп. Иахьа, шәҳадгыларц азыҳәан,  абра  шәыҟоуп. Убри азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.  Шәышҳадгыло аадыруеит, абри адгылара ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп. Уажәазы зегьы реиҳа ихадоу – Урыстәыла  рагрессиатә планқәа рынагӡара шрылымшо идҳарбарцаз, ҳҽеидкыланы ҳаидгылароуп.  Убри азоуп иахьа Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба НАТО аштаб-уадашҟа дызнеиуа, ҳара аконсенсус ҧшааны, агрессиа аанаҳкылароуп», — иҳәеит Игор Долгов.