Украина анапхгара Урыстәылеи Беларуси ирҿагыланы асанкциақәа рпакет ҿыц шьақәдырҕәҕәеит
Украина анапхгара Урыстәылеи Беларуси ирҿагыланы асанкциақәа рпакет ҿыц шьақәдырҕәҕәеит.
Аҧкрақәа рыдкьыслоит 99 афизикатәи 178 аиуристтәи ахаҿқәа. «Асиа еиқәа» дануп Путин иҧҳагьы.
Иара убас, асанкциақәа рзышьақәыргылоуп урыстәылатәи арра-ааглыхратә наплакқәеи, Урыстәылеи Беларуси Амилаҭтә банкқәа рнапхгаҩцәеи.
Уи адагьы, асанкциақәа рыдкьыслоит Украина иаҿагылоу урыстәылатәи агрессиа иацхраауа Урыстәылеи Беларуси рфизикатәи риуристтәи ахаҿқәагьы.