Аоппозициатә быжь-партиак иҟарҵаз аҳәамҭа – Американтә адгылара – ҳтәылауаа иҟарҵо апротест иабзоуроуп, Америка ҳтәыла евроатлантикатә аҧеиҧш аиқәыршәараҿы иҟанаҵо алагала ахә ҳшьоит
Аоппозициатә быжь-партиак иҟарҵаз аҳәамҭа – Американтә адгылара – ҳтәылауаа иҟарҵо апротест иабзоуроуп, Америка ҳтәыла евроатлантикатә аҧеиҧш аиқәыршәараҿы иҟанаҵо алагала ахә ҳшьоит

«Америка аҟынтә абри аҩыза адгылара  – ҳтәылауаа еиҧҟьарада иҟарҵо аҭынчратә   протест иабзоуроуп, аолигарх Иванишвили иеиҳабыра ари апротест азы амчыларала аҭак ҟарҵоит. Қырҭтәыла урыстәылатәи аолигарх иакәӡам изтәу, ари атәыла ҳара ҳазынтәгьы иаҳтәуп», — иануп аоппозициатә быжь-партиак иҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала,  аоппозициатә партиақәа  Америка ҳтәыла евроатлантикатә аҧеиҧш аиқәыршәараҿы иҟанаҵо алагала ахә ршьоит.

«Ҳара,  Мраҭашәара иадгыло адемократиатә оппозициатә партиақәа  Америка ҳтәыла евроатлантикатә аҧеиҧш аиқәыршәараҿы иҟанаҵо алагала ахә ҳшьоит.

Америка аҟынтә абри аҩыза адгылара  – ҳтәылауаа еиҧҟьарада иҟарҵо аҭынчратә   протест иабзоуроуп, аолигарх Иванишвили иеиҳабыра ари апротест азы амчыларала аҭак ҟарҵоит.  Уажәгьы урыстәылатәи арежим амаҵ зуа ауаа рахь ааҧхьара ҟаҳҵар ҳҭахуп Евроеидгылеи НАТОи ралалара иазықәҧо ақырҭуа жәлар ирыдгыларц. Шәара  шәҭаацәарақәеи шәхылҵи жәларбжьаратәи асанкциақәа рҟынтә рыхьчаразы макьана ашанс шәымоуп.

Қырҭтәыла урыстәылатәи аолигарх иакәӡам изтәу, ари атәыла ҳара ҳазынтәгьы иаҳтәуп. Ҳара Европа ҳадгылоит, Урыстәыла мап ацәаҳкуеит», — иануп аҳәамҭаҿы. Уи рнапы аҵарҩит абарҭ апартиақәа: «Ахали», «Аҕмашенебели истратегиа», «Дроа», «Гирчи», «Ареспубликанцәа», «Лело» ,  «Иаку амилаҭтә ҵысра».