Шьалуа Папуашвили - Ақырҭуа жәлар аҭак иазыԥшуп, аӡбаҩцәа асанкциақәа рықәҵара ЕАШ ԥасатәи ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз агха акәызма, NGO-қәа гәҭакылатәи рыгха акәызма иаҳдыруазароуп
Шьалуа Папуашвили - Ақырҭуа жәлар аҭак иазыԥшуп, аӡбаҩцәа асанкциақәа рықәҵара ЕАШ ԥасатәи ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз агха акәызма, NGO-қәа гәҭакылатәи рыгха акәызма иаҳдыруазароуп

Ианаамҭаз асанкциақәа рықәҵара аоппозициааи урҭ ирыдҳәалоу иҳәынҭқарартәым аиҿкаарақәеи ирхарын, урҭ аӡбарҭтаә напхгара ақәыӷәӷәареи адискредитациеи рҭахын, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, “Ақырҭуа жәлар аҭак иазыԥшуп, аӡбаҩцәа асанкциақәа рықәҵара ЕАШ ԥасатәи ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз агха акәызма, NGO-қәа гәҭакылатәи рыгха акәызма иаҳдыруазароуп”.

“Усҟан адипломатцәа иҟарҵоз аҳәамҭақәа ишәгәалашәоит, урҭ ишиашоу аполитикатә мотивқәа акәын шьаҭас ирымаз. Ақырҭуа жәлар аҭак иазыԥшуп, аӡбаҩцәа асанкциақәа рықәҵара ЕАШ ԥасатәи ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз агха акәызма, NGO-қәа гәҭакылатәи рыгха акәызма иаҳдыруазароуп. Усҟан иҟалаз еилкаатәуп. Ари аус алҵшәа заҵәык ауп амоу – Қырҭтәыла атәылауаҩ иҟәҵоу изакәандароу асанкциа аԥыхра”, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы.

Апарламенттә аиҳара иацы ЕАШ ацаҳаражәҳәара ахь ааԥхьара ҟарҵеит аӡбаҩцәа асанкциақәа ирықәырхырц.

2023 шықәса мшаԥы 5 рзы Америка Михаил Чинчалаӡеи, Леван Мурусиӡеи, Иракли Шенгелиеи, Валериан Церцваӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит