Ентони Блинкен - Қырҭтәыла адемократиа аҵшәааразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала авизатә аԥкра ҿыцқәа алаҳгалоит
Ентони Блинкен - Қырҭтәыла адемократиа аҵшәааразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала авизатә аԥкра ҿыцқәа алаҳгалоит

Қырҭтәыла адемократиа аҵшәааразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала авизатә аԥкра ҿыцқәа алаҳгалоит, – ааицҳаит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен.

Блинкен аҳәамҭа асоциалтә каҭаҿы ҟаиҵеит.

„Қырҭтәыла адемократиа аҵшәааразы аҭак зыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала авизатә аԥкра ҿыцқәа алаҳгалоит. Урҭ иреиуп “Ақырҭуа гәахәтәы” иаԥшьыргаз “Атәым нырра” иазку азакәанԥҵара иадҳәалоу  ахақәҿқәа“, – иҩит Блинкен.