Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еснагь рыдгылоит,  Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны ахада иалхразы имҩаԥысуа алхрақәа ирҿагылоит
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украина Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еснагь рыдгылоит, Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны ахада иалхразы имҩаԥысуа алхрақәа ирҿагылоит

Украина Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны ахада иалхразы имҩаԥысуа алхрақәа ирҿагылоит, – иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, Украина Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еснагь рыдгылоит.

„Украина Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны ахада иалхразы имҩаԥысуа алхрақәа ирҿагылоитю Украина Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еснагь рыдгылоит“,- иазгәаҭоуп асоциалтә ҳа Х аҿы аларҵәара зауз аҳәамҭаҿы.

Импыҵахалоу Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит. Де-факто ахада иҭыԥ азы еицлабуеит актәи атур аҿы аиааира згаз Бадра Гәынбеи, уи иоппонент Адгәыр Арӡынбеи. Де-факто Алхратә комиссиа хада аинформациа ала, жәабран 15 рзы имҩаԥгаз актәи атур аҿы Бадра Гәынба иуоит абжьқәа 46,38%, Адгәыр Арӡынба – 36,92%.