Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Украинатәи абаҕәаза ажәылараан урыстәылатәи адрон Румынтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаит
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Украинатәи абаҕәаза ажәылараан урыстәылатәи адрон Румынтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаит

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аспикер иҳәамҭала, Дунаи аӡиасаҿ иҟоу украинатәи абаҕәазатә инфраструктура  ажәылараан урыстәылатәи адронқәа Румынтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаит.

«Украина Аҳәынҭқарратә аҳәаахьчаратә маҵзура аинформациала, иаха Урыстәыла абаҕәаза Измаил ианажәылоз, Румынтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаны иҧжәеит Урыстәыла  иатәу адронқәа  «Шахед». Ари афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Урыстәыла, Украина мацараз акәымкәа, агәылара иҟоу атәылақәа рзгьы, НАТО иалоу атәылақәагьы рзы ишшәарҭоу», — иҩит  Олег Николенко  асоциалтә аҳаҿы.

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминситрра ахаҭарнак мраҭашәаратә партниорцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украина аҳаирхыхьчаратә системақәа аҭара апроцесс дырццакырц.