Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, атәылаҿы аепидҭагылазаашьа цәгьахеит. Гамҟрелиӡе даҽазнык ауааҧсыра дрыҳәеит арегулиациақәа ирықәныҟәаларц, насгьы алаҵақәа ҟарҵарц. Авакцинациа даналацәажәоз, Гамҟрелиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит атәылаҿы авакцинақәа рдефицит шыҟам.
Иара иажәақәа рыла, уаҵәы Қырҭтәылаҟа иааргоит авакцина Pfizer 168 нызқь адозақәа.