Уаҵәы Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Шәамахьтәыла ахада Армен Сарқисиан
Уаҵәы Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Шәамахьтәыла ахада Армен Сарқисиан

Уаҵәы Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Шәамахьтәыла ахада Армен Сарқисиан. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аҟынтә.

Шәамахьтәыла ахада Армен Сарқисиан иԥылара аофициалтә церемониа мшаԥы 15 рзы, Орбелианиаа рхан аҟны мҩаԥгахоит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Шәамахьтәыла ахадеи Қырҭтәыла ахадеи рыбжьара ишиашоу еиԥылара мҩаԥгахоит. Аиԥылара ашьҭахь Армен Сарқисиани Саломе Зурабишвилии аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Апланқәа ирылоуп Шәамахьтәыла ахадеи Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи реиԥылара.