Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла акзаара рзы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит [афото]
Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла акзаара рзы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит [афото]

Қырҭтәыла аофициалтә визит аҳаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахада  Ваган Хачатуриан Қырҭтәыла акзаара рзы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Шәамахьтәыла ахада  Ваган Хачатуриан аофициалтә визитла Қырҭтәыла иацы даҭаауит.

Шәамахьтәыла ахада иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧысит Орбелианиаа рхан аҿы, убри ашьҭахь Хачатуриан Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылан, ахадацәа аҳәамҭақәа еицыҟарҵеит.

Аофициалтә визит аҳаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахада Қырҭтәыла аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи дырҧылоит.