ВВС - Киев еизаз европатәи лидерцәа Дональд Трамп ҭелла иацәажәан, лаҵара 12 инаркны ахымца аанкылара адетальқәа ирыхәаԥшит
Киев еизаз европатәи лидерцәа – Германтәыла аканцлер Фридрих Мерци, Франциа ахада Еммануель Макрони, Британиа Ду аԥыза-министр Кир Стармери, Польша аԥыза-министр Дональд Туски ЕАШ ахада Дональд Трамп ҭелла иацәажәан, лаҵара 12 инаркны 30 мш ирылагӡаны ахымца аанкылара адетальқәа ирыхәаԥшит, – аанацҳаит ВВС.
Акьыԥхь аинформациала, “Аҭахцәа ркоалициа” авиртуалтә аиԥылара ашьҭахь, Украина ахада Володимир Зеленскии Германтәыла аканцлер Фридрих Мерци, Франциа ахада Еммануель Макрони, Британиа Ду аԥыза-министр Кир Стармери, Польша аԥыза-министр Дональд Туски Дональд Трамп иарҳәеит ЕАШ ажәалагара шрыдгыло.