ВВС - Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Курсктәи Белгородтәи аобластқәа рҿы хатәгәаԥхарала арра ицаз ахаҿқәа Урыстәыла аҳәаа еиларгеит
ВВС - Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Курсктәи Белгородтәи аобластқәа рҿы хатәгәаԥхарала арра ицаз ахаҿқәа Урыстәыла аҳәаа еиларгеит

Асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз аинформациала, Курсктәи Белгородтәи аобластқәа рҿы хатәгәаԥхарала арра ицаз ахаҿқәа Урыстәыла аҳәаа еиларгеит.

Ателеграм-каналқәа рҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Урыстәыла аҳәаа еиларгеит агәыԥ “Урыстәыла ахақәиҭреи”, “Урыстәыла ахатәгәаԥхаҩцәа ркорпуси”, “Сибратәи алегиони” рхаҭарнакцәа. Аларҵәара роуит Курсктәи Белгородтәи аобластқәа рҿы ақәԥарақәа ирызку адыррақәа.

ВВС аинформациала, Украина Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә маҵзура хада аҟынтә ишаарыцҳаз ала, арҭ агәыԥқәа Урыстәыла атәылауаа рыла ишьақәгылоуп. .