ВВC аинформациа ала, 100-ҩык аҩадакореиатәи аруаа Украина ицо аибашьраҿ ҭахеит
ВВC аинформациа ала, 100-ҩык аҩадакореиатәи аруаа Украина ицо аибашьраҿ ҭахеит.
Амилаҭтә ԥшыхәратә маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс рыҭаны, Аҩадатәи Кореиа апарламент алахәыла Ли Сон Квон ишааицҳаз ала, иҵегьы 1000-ҩык ахәрақәа роуит.
Квонг иажәақәа рыла, иҭахаз аратә чинуаа роуп.
Апарламент алахәыла ишааицҳаз, Украинашҟа иацҵаны аруаа рдёықәҵара иазкны аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит, азыҟаҵарақәа дырхылаԥшуеит Ким Чен Ын ихаҭа.
Ԥхынҷкәын 16 рзы Пентагон аанацҳа́ит Украина ицо аибашьра Урыстәыла ахьӡала иалахәыз аҩадакореиатәи аруаа ҭахеит ҳәа, аха урҭ ррыцхә атәы адырра ыҟамызт.