Украина ахада Володимир Зеленски ЕАШ ахада Дональд Трамп диԥылаанӡа, ЕАШ ахаҭарнак ҷыда Кир Келлог диԥылеит. Зеленски иадминистрациа аинформациала, аиԥылара “ибзианы” мҩаԥысит.
Уажәы Украина ахада европатәи алидерцәа дырԥылоит, урҭ иреиуп Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени Финлиандиа ахада Александр Стуби.
Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Володимир Зеленски Аҩны шкәакәаҿ Дональд Трамп диԥылоит, аиԥылара рхы аладырхәоит вице-ахада Џьеи Ди Венси, аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои, иҷыдоу ахаҭарнакцәа Стив Уиткофи Кит Келлоги.