Атуризм азы амилаҭтә администрациеи жәларбжьаратә амедиахолдинг Conde Nast-и амаркетингтә кампаниа ҿыц еицымҩаԥнагоит.
Акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа акьыԥхьқәа Vogue-и GQ-и ирымоу онлаин-аплатформақәа рҿы Қырҭтәыла иазку астатиақәа аладырҵәоит.
Актәи астатиа – “Мчыбжьык ала иубараны иҟоу Қырҭтәыла аҭынхара рымҩақәҵага” Vogue асаити акьыԥхь иатәу асоциалтә ҳақәеи ирнылахьеит.