Владимир Зеленски - Украина аҩызцәа зегьы Киев иаасыԥхьоит, иҳадгыло зегьы афырхаҵара шанс рымоуп
Владимир Зеленски - Украина аҩызцәа зегьы Киев иаасыԥхьоит, иҳадгыло зегьы афырхаҵара шанс рымоуп

Украина аҩызцәа зегьы Киев иаасыԥхьоит, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.

Зеленски иажәақәа рыла, Украина иадгыло зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит.

„Украина аҩызцәа зегьы Киев иаасыԥхьоит. Ара ишәарҭазар ҟалап, ҳажәҩан урыстәылатәи аҳаирпланқәеи аракетақәеи рзы макьана аркым. Аҳауатә ҳарсенал арӷәӷәара аӡбара макьана рыдрымкылеит. Аҳаирпланқәа макьана ҳмоуит, аха шәара ибзиаӡаны ижәдыруеит, адунеи  ҳаҳҭнықалақь икылкааны шацклаԥшуа.  Украина иадгыло зегьы ҳара мацара акәым, адунеи зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәоит. Иҳадгыло зегьы афырхаҵара шанс рымоуп,” – иҳәеит Зеленски.