Германтәыла Атәылахьчара аминистр Киев дыҟоуп
Германтәыла Атәылахьчара аминистр Киев дыҟоуп

Германтәыла Атәылахьчара аминистр Борис Писториус Киев дыҟоуп. Германтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, авизит Украина адгылара ашьақәырӷәӷәара ауп хықәыс амоу.

Писториус ивизит тема хадас амоуп украинатәи аруаа разыҟаҵареи Кеив арратә цхыраара азаарԥшреи.Писториус ипланқәа ирылоуп Украина Атәылахьчара аминистр Русмет Умерови ахада Володимир Зеленскии рҟны аиҽцәажәара амҩаԥгара.

Писториус Украина даҭаанӡа, Киев дыҟан ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин.