Владимир Зеленски  - Путин аультиматумқәа рықәыргылара даҟәыҵны, адиалог далагароуп
Владимир Зеленски - Путин аультиматумқәа рықәыргылара даҟәыҵны, адиалог далагароуп

Урыстәыла идҵаны иқәнаргылаз хпунктк ирыдҳәаланы Украина алҵшәа аԥшаара алшоит, Путин аультиматумқәа рықәыргылара даҟәыҵны, адиалог далагароуп,  – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски америкатәи ателеканал АВС аинтервиу аҿы.

Ажурналист Украина ахада Нато алалара мап ацәкреи, Лугански Донецки рхьыԥшымра азхаҵареи, Ҟрым Урыстәыла иаҵанакуеит ҳәа азхаҵареи ирызку Урыстәыла аҳәарақәа ирызкны диазҵааит. Ари иаҭакны Зеленски иазгәеиҭеит Украина аультиматумқәа дрықәшаҳаҭхом, аха арҭ азҵаарақәа рганахьала алҵшәа амоуп.

АВС аинтервиу аҿы Зеленски шьақәирӷәӷәеит мраҭашәаратәи апартниорцәа уи Украинантә ишәарҭам аевакуациа шидыргалаз, аха уи аԥсадгьыл аҿы даанхарц игәы шҭоу.

Аинтервиу аҿы Владимир Зеленски Урыстәыла ахада иахь даҽазнык ааԥхьара ҟаиҵеит Украина аибашьра ааникыларц.