Владимир Зеленски иажәақәа рыла, аинаалара азҵаарақәа дрыхцәажәарц азы Урыстәыла ахада иԥылара дазыхиоуп, аха аультиматумқәа рынагӡара игәы иҭум

Владимир Зеленски иажәақәа рыла, аинаалара азҵаарақәа дрыхцәажәарц азы Урыстәыла ахада иԥылара дазыхиоуп, аха аультиматумқәа рынагӡара игәы иҭум.

Аихқәа ишаарыцҳаз, ари атәы Зеленски La Repubblica аинтервиу аҿы ааицҳаит.

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы зымҽхак ҭбаау аибашьра алагеижьҭеи мызкы ҵуеит. Ари аиԥылара сазыхиоуп ҳәа изныкымкәа сҳәахьан. Аҭынчра зегьы рҭахур Ахымца аанкылара ҳахцәажәарц ҳахиоуп, аха аультиматумқәа рынагӡара ҳгәы иҭам», — иҳәеит Украина ахада.