Владимир Зеленски аурыс аруаа ранацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, рԥацәа ахьыҟоу еилыркаарц
Владимир Зеленски аурыс аруаа ранацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, рԥацәа ахьыҟоу еилыркаарц

Украина ахадаВладимир Зеленски аурыс аруаа ранацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, рԥацәа ахьыҟоу еилыркаарц.

Зеленски иажәақәа рыла, аурыс аруаа рацәаны ҭахеит, иара убас зықьҩыла атҟәацәа рымоуп, урҭ ирызку адыррақәа интернет аҿы аларҵәара зауз аномерқәа рыла ҟалоит.

“Иҭахеит 13700-ҩык аурыс аруаа, ҳара абри акәӡамызт иаҳҭахыз, ҳара аҭынчра мацара ауп иаҳҭаху, шәыхшара иаҳа бзиа ижәбароуп, уажәы шәара шәнапхгара шәрыцәшәоит,” -иҳәеит Зеленски.

Украина ахада ишааицҳаз, атҟәацәа иреиуоуп арра иргаз арԥысцәа, урҭ реиҳараҩык Урыстәыла ахынҳәра рҭахым.