Владимир Зеленски - Абџьар шьҭаҳҵом, аиааира ҳгароуп
Владимир Зеленски - Абџьар шьҭаҳҵом, аиааира ҳгароуп

Абџьар шьҭаҳҵом, аиааира ҳгароуп, – абри еиԥш аҭак азиуит Украина ахада Владимир Зеленски украинатәи ателеканал “Украина 24” аефир аӡы иҟарҵаз аҳәамҭа, Украина ахада “акапитулиациа” игәы иҭоуп ҳәа.

Владимир Зеленски иҟаиҵаз авидео ааԥхьараҿ ищазгәеиҭаз, абџьар ашьҭаҵара аурыс аруаа мацара рыдигалар илшоит.

Ателеканал “Украина 24” аҳәамҭала, иахьа аӷа иҳакерцәа ателеканал аефир аҿы иҩны ицо ацәаҳәеи авебдаҟьеи рзы акибержәылара мҩаԥырган, акапитулиациа иазку имцу адырра аладырҵәеит.