Владимир Путин - Урыстәыла  атомтә мчқәа рырӷәӷәара азҿлымҳара ду анаҭоит
Владимир Путин - Урыстәыла атомтә мчқәа рырӷәӷәара азҿлымҳара ду анаҭоит

Урыстәыла атомтә мчқәа рырӷәӷәара азҿлымҳара ду анаҭоит, – иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, Москва агиперашьҭыбжьтәи асистемақәа “Кинжал” амассатә рааглыхра нанагӡоит, иара убас иалагоит амшынтә база “Циркон” агипершьҭыбжьтәи аракетақәа амассатә рааглыхра.

“Аԥхьагылара змоу атезнологиақәа рыла ҳамчқәа реиқәыршәара наҳагӡоит. Ахысратә система ҿыцқәа, аԥшыхәратә дыррақәа реизгара, акоммуникациатә аибыҭара, дронқәа, артиллериатә системақәа. Ҳиндустриа аконвеиертә абџьар ааглыхра нанагӡоит.  Ҳаруаа Украина ицәырҵыз анацизм фырхаҵара ду ала иаҿагылоит, урҭ ҳҭоурыхтә ҵакырадгьыл аҿы ҳажәлар рыхьчара иаҿуп”, – иҳәеит Путин.