Владимир Путин Украина лаҵара 15 рзы Сҭамԥыл аиҿцәажәарақәа реиҭалагара адигалоит
Владимир Путин Украина лаҵара 15 рзы Сҭамԥыл аиҿцәажәарақәа реиҭалагара адигалоит.
Владимир Путин Кремль аҟны ажурналистцәа данрацәажәоз, Украина лаҵара 15 рзы Сҭамԥыл аиҿцәажәарақәа реиҭалагара адигалеит.
“Украинатәи аган аҟны аиҽцәажәарақәа рымҩаԥгаразы ахаан мап ҳамҳәаӡеит. 2022 шықәсазы аиҿцәахәарақәарымҩаԥгара ҳара ҳакәӡам иаҟәыҵыз, ари ҟазҵаз украинатәи агануп. Ари иахәамԥшыкәа, Киев 2022 шықәсазы дара иааныркылаз еиҿцәажәарақәа реиҭалагара адаҳгалоит”, – иҳәеит Путин.
Владимир Путин иажәақәарыла, уаҵәы Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Ҭырқәтәыла аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгараҿы адгылара диҳәоит.